Урыстәыла

Путин "Россия сегодня" жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

© Foto / Россия сегодняВладимир Путин
Владимир Путин - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2023
Анапаҵаҩра
МОСКВА, ԥхынҷкәын 9- РИА Новости. Урыстәыла ахада Владимир Путин Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәа амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит, ахада иазгәеиҭеит "амедиагәыԥ ишеиднакыло зус бзианы издыруа аҟазацәа".
Гәахәароуп, шәаԥхьагылаҩцәа рҟазаратә традициақәа ирыҵҵо шәахьааиуа- еицырдыруа ажурналистцәа, акорреспондентцәа, аредакторцәа, аиҭагаҩцәа, апублицистцәа. Шәԥышәеи шәдыррақәеи аҿарацәа ирымажәдоит", - ҳәа азгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәаҿы.
Урыстәыла ахада агәыӷра ааирԥшит амедиагәыԥ "аԥхьаҟагьы ииашоу, зҭаԥхықәра ҳаракәу аинформациатә маҵзураны ишаанхо".
Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" еиднакылоит урысшәала аус зуа аинформациатә ресурсқәа: РИА Новости, арадио Sputnik, ПРАЙМ, ИноСМИ, Baltnews, Украина.ру, Социальный навигатор, КОТ и Arctic.ru. Аҳәаанырцә амедиагәыԥ рдыруеит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik ала.
Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи, фарси абызшәақәа рыла. Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" адаҟьақәа рҟны аԥхьаҩ идгалоуп еиҳа аинтерес зҵоу ауаажәларратә гәаанагарақәа, аналитикцәеи аекспертцәеи рыҿцәажәарақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0