Урыстәыла

Мишустин амедиагәыԥ "Россия сегодня" жәашықәса ахыҵразы адныҳәалара ҟаиҵеит

Sputnik
МОСКВА, ԥхынҷкәын 9- РИА Новости. Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәа жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит "аихьӡарақәа, аиааирақәа, агәабзиара, аманшәалара".
Аԥыза-министр иазгәеиҭеит, амедиагәыԥ "атәыла аҩнуҵҟеи уи анҭыҵи ажурналисттә стандартқәа рҳәаақәа шышьҭырхыз, аԥхьагылара шрымоу", уахи-ҽни аус зуа аинформациатә ресурсқәа рҟны "ииашоу аинформациа адунеи иахьыргӡоит" ҳәа.

"Амедиагәыԥ "Россия сегодня" еиднакылоит здырра ҳараку аредакторцәа, апублицистцәа, акорреспондентцәа, аоператорцәа, ахҳәааҟаҵаҩцәа, урҭ рнапы иҵыҵуа аматериалқәа есыҽны шәҩыла ауаа аԥхьоит, иахәаԥшуеит. Шәдырраҭарақәа рҟны еиуеиԥшым агәаанагарақәа аарԥшуп, ахәаԥшҩы ихала азгәаҭақәа ҟаиҵартә еиԥш. Жәларбжьаратәи амаҵзурақәа, ателеканалқәа, ауниверситетқәа амедиагәыԥ имҩаԥнаго апроектқәа ирылахәуп",- иҳәеит Мишустин.

Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" еиднакылоит урысшәала аус зуа аинформациатә ресурсқәа: РИА Новости, арадио Sputnik, ПРАЙМ, ИноСМИ, Baltnews, Украина.ру, Социальный навигатор, КОТ и Arctic.ru. Аҳәаанырцә амедиагәыԥ рдыруеит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik ала.
Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи, фарси абызшәақәа рыла. Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" адаҟьақәа рҟны аԥхьаҩ идгалоуп еиҳа аинтерес зҵоу ауаажәларратә гәаанагарақәа, аналитикцәеи аекспертцәеи рыҿцәажәарақәа.
Урыстәыла
Путин "Россия сегодня" жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит