Ԥхынҷкәын 11 инаркны ԥхынҷкәын 17-нӡа Аԥсны имҩаԥысуа акультуратә хҭысқәа - Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik
Акультуратә мчыбжьы аадыртуеит Аҿар ртеатр аҟны аспектакль "Аибашьра ахԥатәи амш" ала (ԥхынҷкәын 11 асааҭ 19:00 рзы). Ақәыргылаҩ Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал иажәабжьқәа рыла. Аспектакль азкуп 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра.
Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы:
Ԥхынҷкәын 12 асааҭ 19:00 рзы ахәаԥшцәа иддырбоит "Софичка". Уи Фазиль Искандер ироман ала иқәлыргылеит Елена Одинцова.
Ԥхынҷкәын 13 асааҭ 19:00 рзы - “Ахаҵа ԥшӡа". Аурыс драматург Александр Островски ирҿиамҭала. Ахаҵа ԥшӡа Аполлон Окоемов иԥсеиԥш бзиа иибоз иԥҳәыс Зоиа амал змоу лыла диԥсахыр иҭаххоит.
Ԥхынҷкәын 14 асааҭ 19:00 рзы РУСДРАМ аҿы иддырбоит Баграт Шьынқәба ирҿиамҭа "Ацынҵәарах" - мраҭашәаратәи Кавказ иқәынхоз, аха Кавказтәи аибашьра иахҟьаны 1864 шықәса рзы зыԥсадгьыл нзыжьыз аублаа ирызку.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы ԥхынҷкәын 15 асааҭ 19.00 рзы аспектакль "Акыр иаԥсоу Памела", арежиссиор Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Адрамтеатр арежиссиор Адгәыр Ақаҩба. Аспектакль аҿы ихәмаруеит Аԥсуа театр актиорцәа рабиԥарақәа хԥа: Виолетта Маанԥҳа, Маиа Џьыкырԥҳа, Лаврик Ахба, Адгәыр Малиа, Гарри Аџьынџьал, Лана Џьапуаԥҳа, Гәдиса Ҭодуа. Атрагикомедиа алахәылацәа рлахьынҵа реижьеит – дрымам ахҭылҵ, ирымам ақәҿиара, абзиабара акәзаргьы - аҽрыцәнаӡеит. Урҭ џьоукы ргәы шәхьеит. Егьырҭ - иагьа џьамыӷәа иақәшәазаргьы, ргәы шыҳалалыз иаанхеит, аӡәы ҳабаицхраари ҳәа иҟоуп.