Аԥсны

Ҳагба иҳәеит Путин дызну амҩа нижьыр - Урыстәыла ишәарҭахоит ҳәа

Sputnik
Хәажәкыра 15 инаркны 17-нӡа 2024 шықәсазы Урыстәыла имҩаԥгахо ахада иалхрақәа ихы рылаирхәоит Владимир Путин. Урыстәыла ахада кандидатс дықәгыларц азы аҳәара ҟаҵан Урыстәыла Афырхацәа амедалқәа "Ахьтәы еҵәа" аибашьра алахәылацәа ранашьара ацеремониаан.
Путин имҩаԥиго аполитикеи, аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рԥеиԥши, иара убас Путин алхрақәа рҿы иҽрылархәра ҵакыс иамоу азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба.
"Путин политикк иаҳасабала даадыруеижьҭеи акрааҵуеит, иара Урыстәыла мацара акәым адунеи аҿы ииԥсахыз рацәаӡоуп. Илшонаҵы, Путин дызну амҩа нижьыр- Урыстәыла ишәарҭахар алшоит. Дахьықәгылаз даара ииашоуп ҳәа сахәаԥшуеит", - иҳәеит Ҳагба.