Аԥсны

Алхас Кәыҵниеи Денис Гончари аусеицуразы аилацәажәарақәа мҩаԥыргеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Урыстәыла АдәАр ИАР атәылақәа аԥшьбатәи Рдепартамент адиректор Денис Гончари аусеицуразы аилацәажәарақәа мҩаԥыргеит.
Алхас Кәыҵниа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, Гончари иареи аекономика, асоциалтә усхк, адәныҟаполитикатә усура рызҵаарақәа ирылацәажәеит.

"Аиԥылара лыҵшәабзиала, аԥхарра аҵаны имҩаԥысит. Аекономика, асоциалтә усхк, адәныҟаполитикатә усура рызҵаарақәа ҳрылацәажәеит. Урыстәылатәи ҳколлегацәа иҟарҵо ацхырааразы ҭабуп ҳәа расҳәеит. Ԥхьаҟатәи ҳусеицурагьы ҳазааҭгылеит", - иҳәеит Кәыҵниа.

Аганқәа ԥхьаҟагьы асеиԥш аиԥыларақәа мҩаԥыргаларц еиқәшаҳаҭхеит.