Аԥсны

Арӡынбеи Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи Мрагылара иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Александр Ефимови еиԥылеит.
Адипломатцәа Мрагылара иҟоу аҭагылазаашьеи, Шьамтәылатәи арра-политикатә ҭагылазаашьеи, палестино--израильтәи аимак иахҟьаны иҟалар зылшо ахҭысқәа ирылацәажәеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусутә еилацәажәарақәа рзы Шьамтәыла дыҟоуп. Аҩашаҽны, ԥхынҷкәын 12 рзы иара диԥылеит шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдад.
Аԥсны
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Шьамтәыла даҭааит