Аԥсны

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Шьамтәыла даҭааит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республика даҭааит жәларбжьаратәии аԥсуа-шьамтәылатәии еизыҟазаашьақәеи рызҵаарақәа рылацәажәаразы, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла атәылахьчара аминистрра абригадатә еинралцәеи Дамаск игылоу Идырым асолдаҭ ибаҟахьы инеиит атәыла ахақәиҭра зхы ақәызҵаз афырхацәа ргәаладыршәарц.
Аминистр иара убасгьы Шьамтәылатәи Арабтә республика Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны Агәалашәаратә шәҟәы аҿы анҵамҭа ҟаиҵеит.