Аԥсны

Атәыла аҩнуҵҟеи анҭыҵи: Аслан Бжьаниа апарламентарицәа дырԥылеит

Аилатәараҟны ишьҭыхын актуалтә зҵаарақәа: атәыла асоциал-економикатә ҿиара, ар реиқәыршәара, аҳәынҭқарраз ахашәала ахыҵхырҭақәа, жәларбжьаратәи аренаҟны Аԥсны апозициа ирызкны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Ашәахьаҽны имҩаԥысыз Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәеи реиԥылараҟны ирылацәажәан аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика иазку иактуалтәу азҵаарақәа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Адәныҟантәи ашәарҭарақәа

Аиԥылараан Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ииасыз 30 шықәса рыла 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи ажәлар реидгылара инаркны аҩнуҵҟаполитикатә хҭысқәа раан урҭ реиҟәшара амҩа ишанысыз.
Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны акәша-мыкәша "аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыла еиҳа иҭынчрахеит ԥаса аасҭа" ҳәа.

Ҭынч анхаразы-анҵыразы, ҳхәыҷқәа рзы ҳгәы ҭынчзарц азы, ҳарцәымшәо ҳаҟазарц азы ар ыҟазароуп, иҟазароуп ар мчы. Иҳамазароуп ҳаамҭазтәи ар, ракеталеи дронлеи еиқәшәоу, Аҳаирхьчара асистема, анышьхьчага аракетақәеи акатерқәеи; ҳаамҭа иақәшәо еилаҳәоу, еибыҭоу, иазыҟаҵоу асолдаҭцәа рыла ишьақәгылоу ар ҳәа агәра ганы дыҟоуп ахада. Аԥсны адгьылҵакыра аӷа данақәла ахьчаразы ицәырҵуа ауснагӡатәқәа рыӡбаразы ар, ҳаамҭазтәи техникала, танкла, ҳаирпланла, вертолиотла еиқәыршәоу. Ахада иазгәеиҭеит ареспублика алшара шамаз ар абџьарла реибыҭаразы, разыҟаҵаразы Урыстәылатәи Федерациа ацхыраарала, иҟан уи азы ажәалагала, иазгәаҭан уи алзыршо аҭагылазаашьақәа, аха иара зыҟамлеит. Уажәы Аԥсны ахатәымчқәа рыла ари аус мҩаԥнагоит, аха алшарақәа азхом ҳәа инаҵишьит ахада.

Бжьаниа иҳәеит Мраҭашәара, ЕАА, европатәи атәылақәа Аԥсны адунеи иахәҭакны иахәаԥшыр рҭахӡам, Қырҭтәыла иахәҭакноуп ишахәаԥшуа ҳәа.
"Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵаз ҳсуверенитет азхаҵара акгьы шаанамго адунеи иадырбарц рҭахуп, насгьы Қырҭтәылеиԥш, егьырҭ атәылақәагьы ирарҳәарц рҭахуп апроблемақәа рыӡбара ацаԥха дара рџьыба иҭоушәа. Ирылшогьы ирылымшогьы ҟарҵоит Аԥсны аҿиара ҟамларц азы", - иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсны адәныҟатә политика ахьхаша адыруеит, Урыстәыла еиҿнакаауа жәларбжьаратәи асистема ахы азхоуп, аха еснагь астратегиатә партниор иқәгәыӷра аԥсам ҳәа иҳәоит ахада.
Аԥсны
Ашәарҭадара, аенергетика, Совмин: Аслан Бжьаниа ипресс-конференциаҟны излацәажәоз

Аҩнуҵҟатәи апроблемақәа

Ахада иазгәеиҭеит зықьҩыла ҳауаажәлар иӡбамкәа иҟоу хыԥхьаӡара рацәала ауадаҩрақәа ирыниоит, убри иахҟьаны хықәкылатәи ацхыраара иаҳәо идҵаалоит еиуеиԥшым амчхара аусбарҭақәа рышҟа – ахада ишҟа, аԥыза-министр, Апарламент адепутатцәа рышҟа ҳәа.
"Аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩнуҵҟала ахада ишҟа хықәкылатәи ацхырааразы идҵаалахьеит 8700–ҩык инареиҳаны атәылауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аԥсабаратә рыцҳара ирнаҭаз аԥхасҭа инадҳәаланы ацхыраара, урҭ рыхшара рҵара ахәԥса ахшәааразы, ӷәӷәала ичмазаҩу рыхәышәтәразы. Ахада Ицхыраагӡатә фонди абиуџьети рыҟнытә атәылауаа рыцхыраара иазоужьуп млрд мааҭк инеиҳаны, ҷыдала, 1 040 736 185 мааҭ", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Убри аан иҳәеит атәыла афинанстә лшара шыҳаракым. Аԥсны ахашәала аарышьҭыр рылшоит атранзит, алогистика, атуризм. Ахада игәаанагарала иҟоу аҭагылазаашьақәа ирҿырԥшны ахымҩаԥгара аҭахуп.
"Аҳәынҭқарреи ажәлари рзы ихәарҭаны иҟоуп апартаментқәеи апарт-отельқәеи рзинтә статус азы азакәан апроект адкылара. Уи Жәлар Реизарахь инашьҭуп ахәаԥшраз", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Ахада аекономикатә ҭагылазаашьа далацәажәо иҳәеит аусура зылшо 145 нызқьҩык атәылауаа шыҟоу, аха астатистика инақәыршәаны 75 нызқьҩык аус шырымуа. Иазааҭгылан аенергетика, амаининг рыпроблемақәагьы.
Аԥсны
Аԥсны амаининг хархәагақәа рымхра азин ҟарҵар ҟалоит