Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны амаининг хархәагақәа рымхра азин ҟарҵар ҟалоит

© Sputnik / Евгений КозыревСтойка с асиками на одной из майнинговых ферм в Иркутской области
Стойка с асиками на одной из майнинговых ферм в Иркутской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Адепутатцәа актәи аԥхьарала амаининг аҿагылара иазырхоу азакәанԥҵаратә актқәа рыдыркылеит.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны, акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа раԥхьаӡа акәны иаҿаркызаргьы ирымырхыр алшоит.
Ахархәага амхра аӡбарҭа аӡбара ашьаҭала имҩаԥгахароуп.
Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2020 шықәсазы. Уи ашьҭахь акырынтә аҿҳәара инахахьан. Уажәы 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аҿҳәара шьақәыргылоуп.
2021 шықәса хәажәкырамзазы Апарламент закәаншьаҭада афымцамч ахархәараз ахарадҵара арӷәӷәеит.
Афымцамч закәаншьаҭада ахархәаразы атәылауаа, ахаланаплакыҩцәа, аиурист хаҿқәа административтә хара рықәырҵоит киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы хышәаҵышәала ҩажәантә ишьҭыхны дыршәара.
Амаҵзурауаа киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы зқьынтә ишьҭыху ахышәаҵышәала ашәара рықәырҵоит.
Иаку аоператор инапаҵаҟа иҟоу афымцацәаҳәақәа аҽрыԥшьразы, ахархәара азакәаншьаҭа амамзар, аиурист хаҿқәеи ахаланаплакыҩцәеи ирықәырҵоит киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы 40-нтә ишьҭыху ахышәаҵышәала дыршәара.
Иара убри аумҭазы амаҵзурауаа киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы 3000-нтә ишьҭыху ахышәаҵышәала дыршәара рықәырҵоит.
Аиҭаҽаԥшьраан административтә хара рхарарҵоит: ахаланаплакыҩцәеи аиурист хаҿқәеи атәылауааи - киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы 50-нтә ишьҭыху хышәаҵышәала дыршәара, иара убасгьы акриптавалиута арҳаразы аҽаԥшьраан амаининг хархәагақәа ықәыргоит, аконфискациа рзыруеит.
Амаҵзурауаа – киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы 5000-нтә ишьҭыху ахышәаҵышәала дыршәара рықәырҵоит.
Рмаҵзуратә мчра рхы иархәаны абри аумҭа мҩаԥызго ахаҿқәа шықәсык инаркны хышықәсанӡа рықәырҵоит, шықәсык инаркны ҩышықәсанӡа амаҵзуратә ҭыԥ аанкылара азингьы рымамкәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0