АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Урыстәыла Аконституциа Амш идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аконституциа аҳәынҭқарра иҵәатәы шьаҟаны ишазыҟоу.
"Аԥсуа жәлар пату ақәырҵоит Урыстәылеи Аԥсни реиҩызара, Урыстәыла акыршықәса иҟанаҵо ацхырааразы иҭабуп ахырҳәаауеит. Агәра згоит, ҳтәылақәа реизыҟазаашьа ԥхьаҟагьы аҿиара шаиуа", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
1993 шықәса ԥхынҷкәынмза 12 рзы ареферендум аҿы ирыдыркылаз Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Урыстәыла атәылауаа рзинқәеи, рхақәиҭрақәеи, рхыдҵақәеи шьақәнарӷәӷәеит. Ареферендум рхы аладырхәит 58 миллиони 187 нызқьи 755-ҩык урыстәылаа, мамзаргьы ашәҟәы иҭагалаз рҟынтәи 54,8%. Аконституциаз рыбжьы рҭиит 32 миллиони 937 нызқьи 630-ҩык (58,4%).
Аконституциа официалла амчра аиуит ԥхынҷкәын 25, 1993 шықәсазы – ианкьыԥхьхха амш азы.