Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ԥхынҷкәын 14 рзы

Ԥхынҷкәын 14 рзы Аҟәа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рремонт мҩаԥгахоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Аԥшьаша, ԥхынҷкәын 14 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".
Гәымсҭатәи аиланхарҭа аӡымҩангагаҿы асақьқәа ықәдыргылоит, Лечкоп иахьаҵанакуа ахәбатәи аӡеизакырҭа аремонт ҟарҵоит. Аусурақәа мҩаԥгахоит иара убасгьы Гәлиеи Коӷониеи рымҩақәа рҿы.
Асааҭ 00:00 инаркны 18:00 рҟынӡа ӡыда иаанхоит Аҳабла ҿыц, Гәымсҭатәи аиланхарҭа, Ешба имҩа, Ажәытә ҳабла, авокзал, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи, ВИЕМ, аџьармыкьа, Алашарбага аҳабла.