Аԥсны

Асад аҳәамҭа ҟаиҵеит арабтә тәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц илшо зегьы шыҟаиҵо

Шьамтәыла ахада Башар Асад Дамаск иҟоу ахан "Аль-Мухаджирин" аҟны дидикылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Шьамтәыла ахада Башар Асад аҳәамҭа ҟаиҵеит арабтә тәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц илшо зегьы шыҟаиҵо.
Ахашаҽны, ԥхынҷкәын 13 рзы Дамаск еиԥылеит Башар Асади Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи.

Аԥсни Шьамтәылеи русеицура

Асад иазгәеиҭеит Аԥсни Шьамтәылеи аҵарадырреи, астудентцәа рԥышәеимдареи, аҭҵарадырреи, акультуреи, аспорти рхырхарҭақәа рыла русеицура аҵак ду шамоу.
Ҷыдала ирзааҭгылан атәылақәа зегь рҟны анырра ҟазҵо жәларбжьаратәи ахеилакқәа русушьа.
Асад иҳәеит Аԥсни Шьамтәылеи рекономика ашьҭыхраҿы аҳәаанырцәтәи аивестициақәа адԥхьалара шхымԥадоу. Инал Арӡынба иганахьала иҳәеит, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҽазҵәылхны дшашьҭоу ҳреспубликаҟны аинвесторцәа рзы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзаԥҵара.

Аԥсуа-шьамтәылатәи агани урыстәылатәии белоруссиатәии аинвесторцәеи дареи русеицура азҵаарагьы иазааҭгылеит.

Шьамтәыла ахада иааиуа ашықәс азы Аԥсны даҭаарц ирҭаз ааԥхьара идикылеит.

Жәларбжьаратәи азҵаарақәа

Аганқәа ақәыӡбеит Израиль имҩаԥнаго аполитика, Шьамтәылатәи аҭынчуааԥсыра иахьрылахысуа. Аԥсны АДәА рминистр иазгәеиҭеит ЕАР Ашәарҭадаратә Хеилак арезолиуциа ишықәнаҟәатәу.
Иара убас Асади Арӡынбеи Урыстәыла Донбасс ахьчараз имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда ишадгыло атәы рҳәеит.
Аԥсны
Аԥсны АДәА рминистри Шьамтәыла аԥыза- министри ҩ-ганктәи русеицура иалацәажәеит