Аԥсны

Аԥсны 2023 шықәса иалагӡаны атәанчахәқәеи ашәарақәеи 1,177 млрд мааҭ азынашьҭуп

2024 шықәсазы Атәанчахәытә фонд атәанчаҩцәа ркатегориақәа 11 рзы атәанчахәы иацнаҵоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Аԥсны 2023 шықәса иалагӡаны атәанчахәқәеи ашәарақәеи 1,177 млрд мааҭ азынашьҭуп, абри атәы "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит Атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәлариа.
2022 шықәсазы иарбоу аамҭахҵәазы иахыԥхьаӡалан 1,161 млрд мааҭ.
Зынӡа Аԥсны атәанчахәы роуеит 47 248-ҩык, ари 2 160-ҩык рыла еиҵоуп ҵыԥх аасҭа. Атәанчахәы ахь ашәарақәа рзыршәоит 12 706-ҩык, ари 1001-ы рыла еиҳауп 2022 шықәса аасҭа.
Аԥсны
Гәлариа еиҭеиҳәеит Атәанчахәытә фонд иалагалоу аԥсахрақәа ртәы
Атәанчахәытә фонд жәеиза мза иалагӡаны иахыԥхьаӡалоуп 1 млрд 212,9 млн мааҭ, ари 194,3 млн мааҭ рыла еиҳауп 2022 шықәса аасҭа. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 15 млн ахыԥхьаӡалан иарбаз 140 млн рҟынтәи", - иҳәеит Гәлариа.
Гәлариа иажәақәа рыла, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз зныктәи ашәара ҳәа иазоужьын 27,9 млн мааҭ.