Аԥсны

Аԥсны АдәА рминистр шьамтәылатәи иколлегеи иареи реицәажәара аихшьаала ҟаиҵеит

Аԥсны АдәА рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдади реиԥылара Дамаск имҩаԥысит ԥхынҷкәын 12 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Аԥсны АдәА рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдади рыбжьара алҵшәа змаз аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит. Абри атәы иҳәеит Инал Арӡынба шьамтәылатәи иколлегеи иареи реицәажәара аихшьаала ҟаҵо.
Еиҳа излацәажәоз атемақәа иреиуан Мрагылара Ааигәа иҟоу аҭагылазаашьа.
“Ҳара ҳалацәажәеит иахьа Израиль имҩаԥнаго имҽыӷу, изиным аусқәа. Аԥсны Аҳәынҭқарра адгылоит Шьамтәыла апозициа, иақәыӡбоит Израиль имҩаԥнаго, асистематә ҟазшьа зауа иалагаз ахымҩаԥгашьа. Мраҭашәара акәзар адиктатортә ҟазшьа аманы адунеи зегьы анапы иаҵанакырц аҭахуп. Ҳәарада, асектор Газа иҟоу арыцҳара ҳаҩымсит. Ари гуманитартә рыцҳараны иаҳшьоит. Иара убасгьы ҳгәаанагарала Мраҭашәара гегемонк аҳасабала ишыҟоу иаанхарц азы акы аԥхьа иаангыларц агәы иҭам", - иҳәеит Арӡынба.
Арӡынба иажәақәа рыла, Украинагьы иахьа имҩаԥысуа ззымҩаԥысуа убри азоуп. Аминистр иҳәеит ЕАА адунеи зегьы аҿы Зеленски иеиԥш иҟоу авассалцәа еидкыланы аиашьаратә жәларқәа еиҿадыргылоит, еиҿарыкшоит ҳәа.
Арӡынба иазгәеиҭеит ЕАА Аԥсни Қырҭтәылагьы абџьар шьҭыхны еиҿагылар цәгьа иабом, аҩбатәи афронт аартызарц аҽазышәарақәа ҟанаҵоит ҳәа. Арӡынба иҳәеит иахьазы адунеи ахырхарҭарацәа аманы аҟаларахь амҩа иқәуп, Аԥсни Шьамтәылеи уи иадгылаҩцәоуп ҳәа.
“Аԥсуа жәларгьы Шьамтәыла ажәларгьы еиҳа ииашоу, ицқьоу адунеи ҳазықәԥоит. Иаҳҭахуп ҳҭоурых, ҳкультура пату рықәзарц, ҳзинқәа хьчазарц. Ҳара ҳархыԥхьаӡалоуп Мраҭашәара адиктат иақәшаҳаҭым 85% адунеи ауааԥсыра", - иҳәеит иара.
Арӡынба иҳәеит зхақәиҭреи зхьыԥшымреи ирзықәԥо Шьамтәыла ажәлар адгылара шриҭо.
Аԥсны
Арӡынбеи Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩи Мрагылара иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит