Аԥсны

Аԥсны АДәА рминистри Шьамтәыла аԥыза- министри ҩ-ганктәи русеицура иалацәажәеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусутә еилацәажәарақәа рзы Шьамтәыла дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Аԥсни Шьамтәылеи аус адырулоит аҳазалхреи, ақыҭанхамҩеи, ахәаахәҭреи, агуманитартә еимадарақәеи рхырхарҭақәа рыла русеицуразы аиқәшаҳаҭра. Абри атәы аанацҳауеит АДәАР апресс-маҵзура.
Дамаск еиԥылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла аԥыза-министр Хусеина Арнуси.
Аганқәа русеицура иалацәажәеит. Иазгәаҭоуп, Арӡынбеи Арнауси хықәкыла аҿартә политикеи аспорти рызҵаарақәа ирзааҭгылеит ҳәа.