Аԥсны

Башар Асад Аԥсни Шьамтәылеи русеицуразы ихадароу ахырхарҭа далацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аԥсни Шьамтәылеи русеицуразы ихадароу ахырхарҭа -ахәаахәҭроуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Шьамтәыла ахада Башар Асад Аԥсны АдәА рминистр Инал Арӡынбеи иареи реиԥылараҟны. Абри атәы RT Arabik иазеиҭеиҳәеит Арӡынба.
АдәА рминистр иажәақәа рыла, аекономика аҿиаразы Аԥсны ашьаҿа бзиақәа ҟанаҵоит.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза анаадыртлак ашьҭахь ахәаахәҭратә еизыҟазаашьа ҿыцёкща ҿиалоит, иҳәеит Арӡынба.
Аганқәа алацәажәеит аспорти, акультуреи, ақыҭанхамҩеи, аекономикеи рхырхарҭала зыҿиара ҟало ҩ-ганктәи апроектқәа.
Аԥсны
Асад аҳәамҭа ҟаиҵеит арабтә тәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц илшо зегьы шыҟаиҵо