Аԥсны

Гагра араион ахәҭак лашарада иаанхеит афымцацәаҳәақәа ахьԥҵәаз иахҟьаны

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Гагра араион ахәҭак лашарада иаанхеит афымцацәаҳәақәа ахьԥҵәаз иахҟьаны, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
АҲ "Гьечрыԥшь" аусура еиԥҟьеит.
Лашарада иаанхеит астанциа маҷқәа "Баӷрыԥсҭа", "Гьечрыԥшь", "Цандрыԥшь-ахага", "Гагра-1", "Гагра-2" рҟынтәи афымцалашара зауа ахархәаҩцәа.
Аҭыԥаҟны аенергетикцәа аус руеит.