АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Шәача анапхгара ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа раан Шәача хышә-нызқьҩык атуристцәа ирзыԥшуп, абри атәы аанацҳауеит апресс-маҵзура.
"Иахьа Шәача зныкала рыԥсы ршьоит 95 нызқьҩык. Ашықәс аихшьаалақәа рыла сынтәа Шәача иаҭааит 7,6 миллионҩык асасцәа. Арҭ арбагақәа рекордтәуп хышықәса рыҩнуҵҟа. Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа раан хышә-нызқьҩык атуристцәа ҳадаҳкылоит", - иҳәеит Шәача ахадара акурортқәеи атуризми рдепартамент аиҳабы Кирилл Иарыш.
Анапхгара ирымоу адыррақәа рыла, иааиуа ашықәс азыбжазы шәачатәи акурортқәа 77% иҭәызаауеит, ашьха иаԥну асасааирҭақәа 100% рҟынӡа иҭәызаауеит.
Иарыш иажәақәа рыла, 2030 шықәсазы Шәача жәа-миллионҩык ауаа аднакыло иҟалоит.