Урыстәыла

2030 шықәсазы Шәача жәа-миллионҩык ауаа аднакыло иҟалоит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Сочи
Города мира. Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2023
Анапаҵаҩра
Сынтәа Шәача иаҭааит быжь-миллионки бжаки атуристцәа. Ари акурорт қалақь азы ирекордтәу рбагоуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. 2030 шықәсазы Шәача жәамиллионҩык ауаа аднакыло иҟаларц азы акурорт анапхгара аҽазышәарақәа ҟарҵоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Шәача ахадара акурортқәеи атуризми рдепартамент аиҳабы Кирилл Иарыш иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Иахьазы ақалақь аинвестициатә портфель триллионбжак иҟоуп. Ари ԥара маҷӡам. Аргылаҩцәа ргәы иҭоуп ақалақь аҿы ауаа раангыларҭа аобиектқәа иҵегьы дыргыларц", - иҳәеит иара.

Иарыш иажәақәа рыла, сынтәа Шәача иаҭааит 7,6 миллионҩык асасцәа. Ари рекордтә рбагоуп.
Ирацәаҩуп ашықәс ҿыц аамҭазы Шәача аҭаара зыгәҭаку. Шәачатәи аҳаирбаӷәаза 500 нызқьҩык рҟынӡа ауаа аднакылараны иҟоуп. Урҭ рҟынтәи 300 нызқьҩык туристцәоуп.
Ақалақь ахада Алексеи Копаигородски уаанӡа иҳәахьан аҳаирбаӷәаза арҭбаара шрыгәҭаку, инықәырԥшу аплан аус адулара ишаҿу. Сынтәатәи ашықәс азы аҳаирбаӷәаза 13 миллионҩык рымаҵ аухьеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0