АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Рамин Хмаил дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟаз Вадим Воуба аҭакра иқәнаҵеит ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа апресс-маҵзура.
Игәы иҭакны ауаҩы дишьит, ишәарҭароу аҟазшьала ҩыџьа ҩыџьеи инареиҳани ауаа рышьра иҽазишәеит, иара убасгьы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада раахәара, рымазаара, рымҩангара ихароуп ҳәа ишьоу Вадим Воуба 15 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿ ахгара иқәҵоуп.
Рамин Хмаил дыршьит ԥхынгәы 27 ауха. Асааҭ 23:25 рзы Ешба имҩаҿы игылоу аҩны №175 аҿаԥхьа, амашьына аанкыланы Хмаил амашьына дахьҭатәаз иқәкны ахысра иалагеит згәыцә 5,45 миллиметр иҟоу ахқәа рыла еиҵаҵаз Калашников иавтомат ала.
Рамин Хмаил жәантә еиҵамкәа иеихсит, иара иԥсҭазаара далҵит иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны. Амашьына аԥхьа апассаџьыртә ҭыԥ аҿы итәаз Хмаил аҭыԥаҿы иԥсҭазаара далҵит. Амашьына аԥсҟы зкыз Д. Џьумутиа ахәра иманы Ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаргеит.
Вадим Воуба нанҳәа 11 рзы даанкылан, иҿахәҿыхраан иҿы иқәшаҳаҭхеит.