https://sputnik-abkhazia.info/20231218/ramin-khmail-dishit-a-agyzara-zzyaz-aakra-ioup-1049499288.html
Рамин Хмаил дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟаз аҭакра иқәҵоуп
Рамин Хмаил дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟаз аҭакра иқәҵоуп
Sputnik Аҧсны
Рамин Хмаил дыршьит 2022 шықәс аԥхынгәы 27 ауха, Аҟәа. Убри аан ахәра иҭан Даур Џьумутиа. 18.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-18T19:00+0300
2023-12-18T19:00+0300
2023-12-18T19:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/10/1040299812_0:157:3087:1893_1920x0_80_0_0_4833537145b238a2f286014e6dbe5d49.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Рамин Хмаил дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟаз Вадим Воуба аҭакра иқәнаҵеит ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа апресс-маҵзура. Рамин Хмаил дыршьит ԥхынгәы 27 ауха. Асааҭ 23:25 рзы Ешба имҩаҿы игылоу аҩны №175 аҿаԥхьа, амашьына аанкыланы Хмаил амашьына дахьҭатәаз иқәкны ахысра иалагеит згәыцә 5,45 миллиметр иҟоу ахқәа рыла еиҵаҵаз Калашников иавтомат ала. Рамин Хмаил жәантә еиҵамкәа иеихсит, иара иԥсҭазаара далҵит иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны. Амашьына аԥхьа апассаџьыртә ҭыԥ аҿы итәаз Хмаил аҭыԥаҿы иԥсҭазаара далҵит. Амашьына аԥсҟы зкыз Д. Џьумутиа ахәра иманы Ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаргеит. Вадим Воуба нанҳәа 11 рзы даанкылан, иҿахәҿыхраан иҿы иқәшаҳаҭхеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/07/10/1040299812_178:0:2909:2048_1920x0_80_0_0_46f4712e17eb1edbf87025557d514df5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Рамин Хмаил дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟаз аҭакра иқәҵоуп
19:00 18.12.2023 (ирҿыцуп: 19:15 18.12.2023) Рамин Хмаил дыршьит 2022 шықәс аԥхынгәы 27 ауха, Аҟәа. Убри аан ахәра иҭан Даур Џьумутиа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Рамин Хмаил дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟаз Вадим Воуба аҭакра иқәнаҵеит ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа апресс-маҵзура.
Игәы иҭакны ауаҩы дишьит, ишәарҭароу аҟазшьала ҩыџьа ҩыџьеи инареиҳани ауаа рышьра иҽазишәеит, иара убасгьы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада раахәара, рымазаара, рымҩангара ихароуп ҳәа ишьоу Вадим Воуба 15 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿ ахгара иқәҵоуп.
Рамин Хмаил дыршьит ԥхынгәы 27 ауха. Асааҭ 23:25 рзы Ешба имҩаҿы игылоу аҩны №175 аҿаԥхьа, амашьына аанкыланы Хмаил амашьына дахьҭатәаз иқәкны ахысра иалагеит згәыцә 5,45 миллиметр иҟоу ахқәа рыла еиҵаҵаз Калашников иавтомат ала.
Рамин Хмаил жәантә еиҵамкәа иеихсит, иара иԥсҭазаара далҵит иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны. Амашьына аԥхьа апассаџьыртә ҭыԥ аҿы итәаз Хмаил аҭыԥаҿы иԥсҭазаара далҵит. Амашьына аԥсҟы зкыз Д. Џьумутиа ахәра иманы Ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаргеит.
Вадим Воуба нанҳәа 11 рзы даанкылан, иҿахәҿыхраан иҿы иқәшаҳаҭхеит.