Урыстәыла

Украинатәи атеррорист даанкылоуп Ижевск

2022 шықәса жәабранмза инаркны излагаз арратә операциа ҷыда амҩаԥгараан Урыстәыла АШәМ лассы-лассы иааныркылоит украинатәи аԥшыхәра мамзаргьы Урыстәыла ашәарҭадара ҵызшәаауа адҵақәа нарыгӡоит ҳәа агәҩара ззыҟоу ауаа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа Ижевск ақалақь аҿы дааныркылеит атеракт еиҿызкаауаз 33 шықәса зхыҵуа урыстәылауаҩ. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аусбарҭа апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.
Иазгәаҭоуп, иааныркылаз ахаҿы украинатәи аԥшыхәра адҵала атәылахьчаратә наплакык аиҳабы дишьырц иҭахын, уи азы ахалаҟаҵаратә бомба ԥижәарц игәы иҭан.

"Иааныркылаз ахаҵа имхуп иԥжәо ахалаҟаҵаратә маруга аҟаҵаразы иаҭаху амаҭәахәқәеи арԥжәагатә маҭәашьарқәеи, иара убас имырхит украинатәи ацәгьоуцәа рыҽзларымеидоз ахархәагақәагьы", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.

Ашьаус хацыркуп ахәҭаҷқәа "Атеррористтә акт аҽазыҟаҵара", "Атеррористтә еиҿкаара аусура алахәра" рыла, иаанкылоу ахаҿы 20 шықәсанӡа абахҭаҿ аҭакра иқәшәар ҟалоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украинатәи агентцәа ргәыԥ Ҟрым иаадырԥшит