АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. COVID-19 ауаҩы ишьцылеит, аха амутациа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара Урыстәыла иҟоу ахаҭарнак Мелит Вуинович иажәақәа шьаҭас иганы.
"Акоронавирус ԥшьышықәса раԥхьа ицәырҵит, аха иахьа уажәраанӡагьы ишҳалац иҳалоуп. Еилкаауп авирус ауаатәыҩса рыбжьара ишыҟазаауа. Аӡынра иалагазар, Европеи Агәҭантәи Азиеи рҟны COVID-19 инаваргыланы ареспиратортә патогенқәа цәырҵит. Акоронавирус иахьагьы аԥсыҭбарақәа ацуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Вуинович иазгәалҭеит авирус ауаа рыԥсҭазаараз макьаназ ишшәарҭоу. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, ирацәоуп атәылақәа, Италиа, Финлиандиа, Словакиа реиԥш иҟоу рҟны ахәышәтәырҭақәа ирҭоу ҳәа.
Алаҵаҟаҵареи асабрадақәа рныҟәгареи роуп иахьагьы COVID иаҿагылоу методны иҟоу ҳәа лҳәеит Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара ахаҭарнак.
Ахьҭақәа аныҟала ашьҭахь Урыстәыла ирацәаҩхеит аимҳәеи аԥсыԥлагаҩагара-вирустә чмазарақәа рыманы ахәышәтәырҭахь инеиуа.