https://sputnik-abkhazia.info/20231219/agabziarakhcharaz-aduneizegti-aikaara-eiareit-covid-19-amutatsia-shymaysua-1049507065.html
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаараҿ еиҭарҳәеит COVID-19 амутациа шымҩаԥысуа
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаараҿ еиҭарҳәеит COVID-19 амутациа шымҩаԥысуа
Sputnik Аҧсны
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны жәаҩык ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рыманы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп. 19.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-19T11:20+0300
2023-12-19T11:20+0300
2023-12-19T11:20+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акоронавирус адунеи аҿы
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/03/1036572252_0:163:3065:1887_1920x0_80_0_0_113aaa65a1b86ceddc5b7450dc62cd3f.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. COVID-19 ауаҩы ишьцылеит, аха амутациа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара Урыстәыла иҟоу ахаҭарнак Мелит Вуинович иажәақәа шьаҭас иганы. Вуинович иазгәалҭеит авирус ауаа рыԥсҭазаараз макьаназ ишшәарҭоу. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, ирацәоуп атәылақәа, Италиа, Финлиандиа, Словакиа реиԥш иҟоу рҟны ахәышәтәырҭақәа ирҭоу ҳәа. Алаҵаҟаҵареи асабрадақәа рныҟәгареи роуп иахьагьы COVID иаҿагылоу методны иҟоу ҳәа лҳәеит Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара ахаҭарнак. Ахьҭақәа аныҟала ашьҭахь Урыстәыла ирацәаҩхеит аимҳәеи аԥсыԥлагаҩагара-вирустә чмазарақәа рыманы ахәышәтәырҭахь инеиуа.
https://sputnik-abkhazia.info/20231218/gdouati-ses-aima-asezon-aan-akhymagashazy-abzhgaraa-anaeit-1049494310.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0c/03/1036572252_166:0:2897:2048_1920x0_80_0_0_37b8d3743d9b8c5194042feb2603e30a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акоронавирус адунеи аҿы
ажәабжьқәа, акоронавирус адунеи аҿы
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаараҿ еиҭарҳәеит COVID-19 амутациа шымҩаԥысуа
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны жәаҩык ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рыманы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. COVID-19 ауаҩы ишьцылеит, аха амутациа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара Урыстәыла иҟоу ахаҭарнак Мелит Вуинович иажәақәа шьаҭас иганы.
"Акоронавирус ԥшьышықәса раԥхьа ицәырҵит, аха иахьа уажәраанӡагьы ишҳалац иҳалоуп. Еилкаауп авирус ауаатәыҩса рыбжьара ишыҟазаауа. Аӡынра иалагазар, Европеи Агәҭантәи Азиеи рҟны COVID-19 инаваргыланы ареспиратортә патогенқәа цәырҵит. Акоронавирус иахьагьы аԥсыҭбарақәа ацуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Вуинович иазгәалҭеит авирус ауаа рыԥсҭазаараз макьаназ ишшәарҭоу. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, ирацәоуп атәылақәа, Италиа, Финлиандиа, Словакиа реиԥш иҟоу рҟны ахәышәтәырҭақәа ирҭоу ҳәа.
Алаҵаҟаҵареи асабрадақәа рныҟәгареи роуп иахьагьы COVID иаҿагылоу методны иҟоу ҳәа лҳәеит Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара ахаҭарнак.
Ахьҭақәа аныҟала ашьҭахь Урыстәыла ирацәаҩхеит аимҳәеи аԥсыԥлагаҩагара-вирустә чмазарақәа рыманы ахәышәтәырҭахь инеиуа.