Аԥсны

Аԥснытәи аделегациа алахәын Аидгылатә ҳәынҭқарра Апарламенттә еизара асессиа

Аԥсны Жәлар Реизара Урыстәылеи Белоруссиеи Рпарламенттә Еизараҟны иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа наԥшыҩуп 2008 шықәса жьҭаара 17 раахыс.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥснытәи аделегациа алахәын Урыстәылеи Белоруссиеи Рпарламенттә Еизара 65-тәи асессиа ҳәа аанацҳауеит азакәанԥҵаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аделегациа иалахәын аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа Фазлыбеи Аҩӡба, Ҭемыр Беиа, Беслан Емырхәба, Герман Каҷараа, аппарат ахада Вадим Бжьаниа.
"Еиҳа-еиҳа азҵаарақәа ҳрыхәаԥшуеит. Иахьа абиуџьет ҳадаҳкылоит. Уи 38% иацлоит. Ари иаанагоит Аидгылатә ҳәынҭқарра аформат аҵакы аманы аус шауа", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла Аҳәынҭдума ахантәаҩы Виачеслав Володин.
Апарламенттә еизара адепутатцәа ирыдыркылеит Аидгылатә ҳәынҭқарра иааиуа ашықәс азтәи абиуџьет апроект. Раԥхьаӡа акәны иара алагалақәа 6,2 миллиард еизҳаит, аныхрақәа идыртәеит 5,7 миллиард.
Володин иазгәеиҭеит Урыстәылеи Белоруссиеи рыҿиара иаԥырхагахаша асанкциақәа ишрыниазгьы, ашықәс аихшьаалақәа рыла урыстәылатәи аекономика 3,5%, рыла ишьҭыҵит ҳәа. Иара убриаҟара иазыԥшуп Минскгьы.
Апарламентарицәа Аидгыла абиуџьет аԥарақәа хә-программаки 37 уснагӡатәи рԥаразоужьра иаздырхеит. 2024 шықәсазы аидгылатә биуџьет аҟынтә аԥаразоужьра иаҵанакуа иреиуоуп арратә инфраструктура аобиектқәеи аҳәаатә шәарҭадареи реиӷьтәра.
Аԥсны
Апарламентбжьаратә усеицура иалацәажәеит Лаша Ашәбеи, Виачеслав Володини, Алан Алборови