https://sputnik-abkhazia.info/20231219/asnyti-adelegatsia-alakhyn-aidgylat-ynarra-aparlamentt-eizara-asessia--1049505908.html
Аԥснытәи аделегациа алахәын Аидгылатә ҳәынҭқарра Апарламенттә еизара асессиа
Аԥснытәи аделегациа алахәын Аидгылатә ҳәынҭқарра Апарламенттә еизара асессиа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар Реизара Урыстәылеи Белоруссиеи Рпарламенттә Еизараҟны иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа наԥшыҩуп 2008 шықәса жьҭаара 17 раахыс. 19.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-19T09:00+0300
2023-12-19T09:00+0300
2023-12-19T09:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
лаша ашәба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/12/1049498207_0:52:1024:628_1920x0_80_0_0_a8edb7136956d29de2b3193c73951d69.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥснытәи аделегациа алахәын Урыстәылеи Белоруссиеи Рпарламенттә Еизара 65-тәи асессиа ҳәа аанацҳауеит азакәанԥҵаратә усбарҭа апресс-маҵзура. Аделегациа иалахәын аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа Фазлыбеи Аҩӡба, Ҭемыр Беиа, Беслан Емырхәба, Герман Каҷараа, аппарат ахада Вадим Бжьаниа.Апарламенттә еизара адепутатцәа ирыдыркылеит Аидгылатә ҳәынҭқарра иааиуа ашықәс азтәи абиуџьет апроект. Раԥхьаӡа акәны иара алагалақәа 6,2 миллиард еизҳаит, аныхрақәа идыртәеит 5,7 миллиард. Володин иазгәеиҭеит Урыстәылеи Белоруссиеи рыҿиара иаԥырхагахаша асанкциақәа ишрыниазгьы, ашықәс аихшьаалақәа рыла урыстәылатәи аекономика 3,5%, рыла ишьҭыҵит ҳәа. Иара убриаҟара иазыԥшуп Минскгьы. Апарламентарицәа Аидгыла абиуџьет аԥарақәа хә-программаки 37 уснагӡатәи рԥаразоужьра иаздырхеит. 2024 шықәсазы аидгылатә биуџьет аҟынтә аԥаразоужьра иаҵанакуа иреиуоуп арратә инфраструктура аобиектқәеи аҳәаатә шәарҭадареи реиӷьтәра.
https://sputnik-abkhazia.info/20231218/aparlamentbzharat-useitsura-ialatsazheit-lasha-ashbei-viacheslav-volodini-alan-alborovi-1049498657.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/12/1049498207_46:0:957:683_1920x0_80_0_0_b3561b45d8636de1b3256bf56f813305.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, лаша ашәба
Аԥснытәи аделегациа алахәын Аидгылатә ҳәынҭқарра Апарламенттә еизара асессиа
Аԥсны Жәлар Реизара Урыстәылеи Белоруссиеи Рпарламенттә Еизараҟны иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа наԥшыҩуп 2008 шықәса жьҭаара 17 раахыс.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥснытәи аделегациа алахәын Урыстәылеи Белоруссиеи Рпарламенттә Еизара 65-тәи асессиа ҳәа
аанацҳауеит азакәанԥҵаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аделегациа иалахәын аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа Фазлыбеи Аҩӡба, Ҭемыр Беиа, Беслан Емырхәба, Герман Каҷараа, аппарат ахада Вадим Бжьаниа.
"Еиҳа-еиҳа азҵаарақәа ҳрыхәаԥшуеит. Иахьа абиуџьет ҳадаҳкылоит. Уи 38% иацлоит. Ари иаанагоит Аидгылатә ҳәынҭқарра аформат аҵакы аманы аус шауа", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла Аҳәынҭдума ахантәаҩы Виачеслав Володин.
Апарламенттә еизара адепутатцәа ирыдыркылеит Аидгылатә ҳәынҭқарра иааиуа ашықәс азтәи абиуџьет апроект. Раԥхьаӡа акәны иара алагалақәа 6,2 миллиард еизҳаит, аныхрақәа идыртәеит 5,7 миллиард.
Володин иазгәеиҭеит Урыстәылеи Белоруссиеи рыҿиара иаԥырхагахаша асанкциақәа ишрыниазгьы, ашықәс аихшьаалақәа рыла урыстәылатәи аекономика 3,5%, рыла ишьҭыҵит ҳәа. Иара убриаҟара иазыԥшуп Минскгьы.
Апарламентарицәа Аидгыла абиуџьет аԥарақәа хә-программаки 37 уснагӡатәи рԥаразоужьра иаздырхеит. 2024 шықәсазы аидгылатә биуџьет аҟынтә аԥаразоужьра иаҵанакуа иреиуоуп арратә инфраструктура аобиектқәеи аҳәаатә шәарҭадареи реиӷьтәра.