Аԥсны

Ашықәсҿыцызтәи аныҳәамшқәа рзы Аԥсны аԥсшьара зҭаху урыстәылаа рхыԥхьаӡара 23% еизҳаит

Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа раан Аԥсны еиҳа урыстәыла иалыркаауа ахырхарҭақәа ирыҵанакит. Ари аамҭазы асасааирҭақәа 60% енеиҳаны иҭәуеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа рзы Аԥсны аԥсшьара зҭаху урыстәылаа рхыԥхьаӡара 23% еизҳаит ҳәа азгәанаҭоит РИА Новости ахәқәа реиҿырԥшразы аинтернет-маҵзура Price.ru. аналитикцәа рдыррақәа рышьаҭала.
Аҳәаанхыҵтәи ахырхарҭақәа рахьынтә урыстәылауаа еиҳа иазҿлымҳауп Китаи. Ииасыз ашықәс иаҿырԥшны 2023 шықәса рашәара-абҵара амзақәа рзы уахь атурқәа жәынтә еиҳахеит. Иара убас, аналитикцәа иазгәарҭоит урыстәылатәи атуристцәа Венесуела аҭаара шыргәаԥхо – уахь атурқәа 4,5-нтә еиҳахеит, Венгриаҟа - 118%, Иапониаҟа - 90%, Тунисҟа - 83%, Кубаҟа - 68%.
Урыстәылаа иргәаԥхоит аҩнуҵҟатәи атуризмгьы: ашықәсҿыцазтәи атурқәа Велики Новгород 2,5-нтә еизҳаит, Екатеринбург - 137%, Велики Устиуг - 136%, Калининград - 127%, Тверь - 106% .
Аҭҵаарақәа рыла 42% урыстәылаа адҵаалеит акемпинг, активла аԥсшьара – 75%. Убри аан ашьхашәҩатә турқәа рҭахра каҳаит 27% рыла.