Аԥсны

Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҩАР аделегациа

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут урыстәылатәи аделегациа ахаҭарнакцәа дырԥылеит ахаша, ԥхынҷкәын 20 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Аԥсныҟа иааит аԥснытәи рколлегацәа аԥышәатәи аметодикатәи ацхыраара рыҭаразы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русеицура азҵаарақәа рыӡбареи 2020 шықәса жьҭаарамза 23 рзы ирыдыркылаз "Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа рсоциалтә хәдықәҵарақәеи, руалафахәы хәҭа-хәҭала ашьҭыхреи, рматериал-техникатә еиқәыршәареи рзы ахарџьқәа реицшәаразы" Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа рынагӡара еиҿырԥшны агәаҭареи.
Иара убасгьы, аҩ-ганк игәарҭоит АҩАР аусзуҩцәа тәанчахәыла реиқәыршәараз иҟоу адыррақәа реиҿырԥшра.
Аиԥылара илахәын Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Беслан Ҷкадуеи Ҭенгиз Нарманиеи, аминистр иабжьгаҩ хада Инал Маршьаниеи.
Роберт Кьиут Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа рыӡбараҿы ацхыраара рыҭара инапы ианиҵеит ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа.