Аԥсны

Урыстәыла арегион ҿыцқәа рахь Аԥснынтәи 50 тонна агуманитартә еидара рышьҭуеит

Агуманитартә еидара еиҿкаауп атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. 50 тонна ацитрус шәырқәеи аԥаҭлыка иҭоу аӡи Аԥснынтәи амҩа иқәырҵеит Донецктәии Лугансктәии Жәлар рреспубликақәеи Херсони Запорожиеи робластқәа рахь ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Агуманитартә еидара мҩанызго амашьынақәа ԥхынҷкәын 20, ашьыжь амҩа иқәлеит. Ауснагӡатә напхгара аиҭоит атәыла ахада ихаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниа.
Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп асубиектқәа рхадацәа рԥылара, Аԥсни дареи реинырра азҵаарақәа рылацәажәара.