Ари ашықәс азы асасааирҭа 70% иҭәызаауеит. Еиҳарак иаауа Москва, Ростов, Краснодартәи атәылаҿацә рҟынтәи ауп, иҟоуп Уралнтә ҳәа азгәаиҭеит Қаџьаиа аиҿцәажәараҿы.
"Иҟоуп инеиԥынкыланы хышықәса раахыс иаауагьы. Ҳаргьы излаҳалшо ала дара аныҳәатә гәалаҟазаара рзаԥаҳҵоит. Иаауеит ԥхынҷкәын 30 рзы, ара иҟоуп 3-5 мшы ҳәа", - ҳәа иҳәеит Қаџьаиа.
Аӡын аԥсшьараамҭа ахәԥса иаҳа илаҟәуп аԥхын аасҭа, 50-ҩык асасааирҭа амаҵ азыруеит ҳәа иҳәеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.