Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қаџьаиа еиҭеиҳәеит Ашықәсҿыцаз аԥсшьара иаауа аныҳәатә программа шырзеиҿыркаауа

Қаџьаиа еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыцаз аԥсшьара иаауа атуристцәа аныҳәатә программа шырзеиҿыркаауа
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи асасааирҭақәа руак аиҳабы Сосо Қаџьаиа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа рзы Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иаауа рысасцәа ишырԥыло, урҭ ирзеиҿыркаауа апрограмма, насгьы ирацәаҩума ус еиԥш иҟоу.
Ари ашықәс азы асасааирҭа 70% иҭәызаауеит. Еиҳарак иаауа Москва, Ростов, Краснодартәи атәылаҿацә рҟынтәи ауп, иҟоуп Уралнтә ҳәа азгәаиҭеит Қаџьаиа аиҿцәажәараҿы.
"Иҟоуп инеиԥынкыланы хышықәса раахыс иаауагьы. Ҳаргьы излаҳалшо ала дара аныҳәатә гәалаҟазаара рзаԥаҳҵоит. Иаауеит ԥхынҷкәын 30 рзы, ара иҟоуп 3-5 мшы ҳәа", - ҳәа иҳәеит Қаџьаиа.
Аӡын аԥсшьараамҭа ахәԥса иаҳа илаҟәуп аԥхын аасҭа, 50-ҩык асасааирҭа амаҵ азыруеит ҳәа иҳәеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0