АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара 2024- тәи ашықәс азы абиуџьет шьақәнарӷәӷәеит аҵыхәтәантәи аԥхьарала. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара.
Абиуџьет алагалатә хәҭа 1,7 миллиард мааҭ ыҟоуп, ахарџьтә хәҭа –1,8 миллиард мааҭ. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи абиуџьетбжьаратә трансфер - 81 миллион мааҭ.
Адепутатцәа иазгәарҭеит 2023 шықәсазы Аҟәа ахадара ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәразы аусқәа маҷымкәа ишымҩаԥыргаз: ахәыҷтәы хәмарырҭақәа дыргылеит, амҩақәа еиҭашьақәдаргылеит, Тарас Шамба ихьӡ зху апарк еиҭашьақәдыргылеит, иаархәеит атехника ҷыда, аӡышьҭрақәа дрыцқьеит.
Аҟәа ахада Беслан Ешба иазгәеиҭеит 2024-тәи ашықәс ҿырԥшыганы иҟалоит ҳәа.
"Иааиуа ашықәс азы аҵареи агәабзиарахьчареи азхьаԥшра рыҭахоит. Ақалақь ахадара ахахьы иаго аусқәа рынагӡара аҽазнашәоит. Шәара шәыцхырааралеи ҳара ҳамчқәеи рыла игәоуҭаша ҟалоит. Сгәанала 2023-тәи ашықәс қәҿиарала иаҳхаагеит", - ҳәа иҳәеит Ешба.
2024 шықәсазы Аҟәа абиуџьет алагалақәа 220,5 миллион мааҭ рыла еиҳахоит 2023 шықәса иаҿырԥшны.