Аԥсны

Аҩӡба: аибашьра иазку ахҭысқәа реидкылара уалс иҳадуп

Sputnik
Аибашьра аҭоурых аҭҵаараҿы излаҳалшо ала аматериалқәа зегьы ауаа ирбаратәы аҟаҵара хықәкыс иҳамоуп, уалсгьы иҳадуп ҳәа азгәеиҭеит аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцозгьы иҭыҵуаз агазеҭ "Ткварчельский горняк" аҭыжьымҭақәа еидызкылаз ашәҟәы дазааҭгыло.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.