Аԥсны

Апрокуратура хада ААИ амаҵзурауаа румҭақәа рҿы аилагарақәа аадырԥшит

Аԥсны Апрокуратура хада имҩаԥнагеит 2022 шықәсеи 2023 шықәса актәи ашықәсбжеи рыҩнуҵҟа азинмчратә усбарҭақәа Азакәанеидкыла "Административтә зинеилагарақәа русқәа рзы аусеилыргараз" ишықәныҟәо агәаҭарақәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. Апрокуратура хада ААИ амаҵзурауаа румҭақәа рҿы аилагарақәа аадырԥшит арыжәтә ыжәны ма анаркотикқәа зыдкыланы иҟаз амашьынарныҟәцаҩцәа административтә ҭакԥхықәра раҵаркра аус аҟны. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп арыжәтә ыжәны ма анаркотикқәа зыдкыланы иҟаз амашьынарныҟәцаҩцәа административтә ҭакԥхықәра раҵаркразы ишьаҭаны иҟазар шакәу алкотестер аҿы ргәаҭара ма амедицинатә гәаҭара ашәҟәынҵа.
Ҭагылазаашьақәак раан азин еилаган – ма агәаҭара алҵшәақәа ыҟамызт, ма ахархәара змаз атехникатә мыруга аметрологиатә гәаҭара аҭахрақәа ирықәшәомызт.
"Иара убасгьы агәаҭараан ишьақәыргылан ахҭыс – арыжәтә ыжәны, ма анаркотикатә маҭәашьар зыдкыланы амашьына аԥсҟы еиҭазкыз ауаҩы административтә ҭакԥхықәра идҵан "Административтә зинеилагарақәа русқәа рзы аусеилыргаразы" ахәҭаҷ 119 ахәҭа 1 инақәыршәаны, убри аан иара даҵаркызар акәын азакәан 115-тәи ахәҭаҷ 5-тәи ахәҭа 15 мшы административтә ҭакреи шықәсык атранспорт хархәага арныҟәара азин амхреи", - ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.
Апрокуратура хада агәаҭара алҵшәақәа рыла Аԥсны АҩАР ААИ ахь инанашьҭит 35 қәшаҳаҭымхара, аминистр изынанашьҭит иаарԥшыз аилагарақәа рҭыԥ иқәиҵарц, урҭ зхароу аҭакԥхықәра иаҵаиргыларц азы азԥхьанага.