Аԥсны

Аҳасабеилыргаратә шәҟәҭаҩреи аиҿкаара ахашәалазы ашәахтәи рзы азакәан аԥсахрақәа алагалоуп

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 22 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҟны аҵыхәтәантәи аԥхьарала "Аҳасабеилыргаратә шәҟәҭагаларазы" азакәан аԥсахрақәа аларгалеит.
Апроект азырхоуп аҳасабеилыргаратә шәҟәҭагалара аусхк аҟны аелектронтә хархәагақәа рырҭбаара, афинанстә гәаҭара аусбарҭақәа рзы аҳасабеилыргаратә ҳасаббара армариара.
Иарбоу аԥсахрақәа ацхраалоит азиншьаҭа змоу аелектронтә документқәа рхархәара, аҳасабырба електронтә формала амаҵзура "1С-Отчетность" ала анашьҭра, аҳәынҭқарратә информациатә системақәа аус рыцура армариара.
Аилыркаагаҿы иарбоуп аелектронтә напынҵамҭа (акод, апароль ма аҽа рбагак) ахаҭара ашьақәырӷәӷәаразы дарбанызаалак ахатәхаҿы ма аиурист хаҿы ихы иаирхәар шауа.
Иара убасгьы адепутатцәа аиҭакрақәа аларгалеит азакәан "Аиҿкаара ахашәала ашәахтә азы".
Уи иахықәкуп аинвистициатә дыԥхьалараз аҭагылазаашьақәа раԥҵарала аекономика арҿиара. Апроект инақәыршәаны 10% иҟоу азыԥҵәа аиурист хаҿқәа рҟынтә ахашәала зауа акционерцәагьы анаплакытә усураҟынтә ахашәала зауа ахатәхаҿқәагьы ирзеиԥшуп.