Аԥсны

Апарламент 2024 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьетқәа аднакылеит

Ԥхынҷкәын 7 рзы актәи аԥхьарала Апарламент 2024 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьетқәа аднакылеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала 2024 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьетқәа шьақәнарӷәӷәеит.
Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд абиуџьет иааизакны - 197,81 миллион мааҭ.
Амҩатә фонд абиуџьет алагалатәи аныхратәи хәҭа- 130 миллион мааҭ.
Атәанчахәытә фонд абиуџьет алагалатәи аныхратәи хәҭа- 1,56 миллиард мааҭ.
Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥсатә фонд абиуџьет алагалатә хәҭеи аныхратә хәҭеи -71,4 миллион мааҭ.