Аԥсны

Аԥсны Аҵара аминистрреи ахәыҷтәы центр "Сменеи" аусеицуазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа – афорум "Россия" аҿы амеморандум рнапы аҵарҩит Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиеи Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы Центр "смена" адиректор Игорь Журавлиови.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Аԥсны Аҵара аминистрреи ахәыҷтәы центр "Сменеи" аусеицуазы амеморандум рнапы аҵарҩит, абри атәы аанацҳауеит "Смена" асаит.
Аганқәа иазыԥхьагәарҭоит арҵаратә программақәа аус адулара, жәларбжьаратәи арҵаратәи, аҭҵаарадырратәи, аҭҵаарадырра-техникатәи проектқәа рынагӡара.
"2023 шықәсазы "Смена" Аԥснынтәи 19-ҩык ахәыҷқәа аднакылеит. Урҭ автортәии апартниортәии программақәа ирылахәын. Ҳара ҳзы ари акраҵанакуаны иҟоуп Ацентр арҵаратә лшара аизырҳаразы, жәларбжьаратәи аусеицура арӷәӷәаразы", - иҳәеит Ацентр адиректор Игор Журавлиов.
"Смена" – хәыҷтәы центруп, азанааҭтә хырхарҭақәа алнакаауеит, Анапа иахьаҵанакуа иҟоуп. Ишьақәгылоуп хә-лагерк рыла: "Лидер", "Профи", "Арт", "ПрофессиУМ", "Наставник" – 1200-ҩык ахәыҷқәа аамҭак ала избаша.
Есышықәса 17 смена аднакылоит. Арахь иаауеит 11 - 17 шықәса зхыҵуа Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәии аҳәаанырцә ааигәеи аҳәаанырцә хареи рҟынтәии.