Аԥсны

Нодар Кәарҷиа "Аԥсны Жәлар рартист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп

Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Аԥсны акомпозиторцәа реидгыла ахантәаҩы Нодар Кәарҷиа "Аԥсны Жәлар рартист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит акультура аминистрра апресс-маҵзура.
"Аԥсуа культура аҿиараҟны иҟаиҵаз алагала ду азы, аҿарацәа реиҵааӡараҿы иџьабаазы "Аԥсны Жәлар рартист" ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵазааит Аԥсны акомпозиторцәа рхеилах ахантәаҩы, жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи ансамбль "Ерцаху" анапхгаҩы Нодар Ардон-иԥа Кәарҷиа", - азгәаҭоуп аусԥҟаҟны.