АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Акультура-усутә платформа "Гәыма" аҟны иаартын ашықәсҿыцазтәи аџьармыкьа.
Аиармарка аиҿкааҩцәа ируаӡәку Хьыбла Возԥҳа лажәақәа рыла, атауарқәа ӡырыргоит 27-ҩык анапҟазацәеи афермерцәеи.
"Иӡыргоу амаҭәарқәа реиҳарак Ашықәс ҿыц иадҳәалоуп: напыла иҟаҵоу акьанџьақәа, ахәмаргақәа. Иара убас еиуеиԥшым аусхкқәа знапы рылаку аҟазауаа – ачысхаа аӡыҩцәа, ачарӡыҩцәа",- лҳәеит Возԥҳа.
Возԥҳа иазгәалҭеит, аиармарка иаҭаауа рзы ишеиҿкаау ашықәсҿыцазтәи афотоҭыхратә кәакь.
"Ауааԥсыра асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа рахь агәаҳәара шрымоу еилаҳкааит. Иаҭауаа рацәаҩуп, дара аҳамҭақәа аархәоит", - лҳәеит лара.
Акультура-усутә платформа "Гәыма" аҟны ашықәсҿыцазтәи аџьармыкьа аартызаауеит ԥхынҷкәын 24, 29 рзгьы.