Аԥсны

Аргыларатә дәқьан аԥхьакырҭа уада амца акит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Аргыларатә дәқьан аԥхьакырҭа уада амца акит асабша, ԥхынҷкәын 23 рзы, Аҟәа. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА.
Асааҭ 13:25 рзы аџьармыкьаҟны иҟоу амца зкыз аргыларатә дәқьан арцәаразы инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба, аиқәырхаратә гәыԥи.
Амца дырцәеит. Аԥхьакырҭа уада блит, адәқьан ԥырхага амоуит.
Амцакра зыхҟьаз ҭырҵаауеит.