Аԥсны

Лашарада иҟоу Аҟәа ахәҭак фымцала ианеиқәыршәахо еилкаахеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Лашарада иҟоу Аҟәа ахәҭак ҩ-сааҭк иалагӡаны фымцала еиқәыршәахоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭа аиҳабы и.н. Ҭенгьиз Блабба.
"Иаха афымцацәаҳәа еиԥҟьеит Турбаза. Иахьа аԥхасҭа ахьыҟаз ҳаԥшааит, ацәаҳәа ԥаҳшәеит. Сааҭқәак рышьҭахь ауааԥсыра фымцалашарала еиқәыршәахоит", - иҳәеит иара.
Блабба иажәақәа рыла, афымцеихшарҭа маҷ “НИИЭПиТ” аҟны зымчхара 16-мегаватт иҟоу атрансформатор ақәыргылара иаҿуп.
"Уи атрансформатор хәҭа-хәҭала иаҿаҳкраны ҳаҟан. Аха, иахьа уи ада ԥсыхәа ҳамам-иаҿаҳкоит, уи иабзоураны ақалақь ахәҭак иақәу ақәыӷәӷәара маҷхоит", - иҳәеит Блабба.
Атрансформатор анықәдыргыло аамҭазы аҳҭнықалақь аҟны аамҭа-аамҭала афымцалаша дырцәалоит.