Аԥсны

Очамчыра араион инхо ахаҵа амефедрон рацәаны идырбалеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан инхо ахаҵа амефедрон рацәаны идырбалеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩА рминистрра апресс-маҵзура.

Аҳәынҭавтоинспекциа ргәаҭарҭатә ҭыԥ "Ешыра" аҟны иаанкылан амашьына Lexus, уи аԥсҟы икын 41 шықәса зхыҵуа Ерик Џьынџьолиа. Амашьына агәаҭараан анаркотикқәа рацәаны идырбалеит.

Ззин ыҟам амаҭәашьар Џьынџьолиа маӡалатәи аҵәахырҭақәа рыла иԥшааит Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан.
Ашьаус хацыркуп. Аӡбарҭа аӡбамҭала Ерик Џьынџьолиа аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп.