АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Амшцәгьа иахҟьаны Аԥсны араионқәа зегьы рҿы афымцацәаҳәақәа аԥхасҭа роуит. "Амшынеиқәафымцамч" авариатә маҵзурақәа зегьы аус руеит аҭыԥқәа рҿы.
"Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала, иаха астанциа маҷқәа "Аӡҩыбжьа", "Уарча", "Дранда", "Агәыӡера" рҿы афымцамч дырцәеит - Очамчыра араиони Гәылрыԥшь араиони лашарада иаанханы иҟан. Уа уажәтәи аамҭазы зегьы аҭыԥ иқәҵоуп.
Очамчыра, Гәылрыԥшь, Гәдоуҭа араионқәа рҿы афымцеихшарҭақәа рҿы аԥхасҭақәа ыҟоуп. Астанциа маҷ "Гәылрыԥшь" ахархәаҩцәа авариатә схемала алашара рырҭоит.
Астанциа маҷқәа "Афон ҿыц", "Мҵара", "Дәрыԥшь" рҿы аԥхасҭа аԥыхуп.
Иазгәаҭоуп Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы џьара-џьара аԥхасҭа маҷқәа шыҟоу.
Очамчыра араион аҿы аԥша аҵлақәа канажьит. Ахатәыҩнқәеи аҩнеихагылақәеи рхыбқәа рыхнашәеит ҳәа аанацҳаит Очамчыра-информ. Акоммуналтә маҵзурақәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥырхуеит.
Иаха аҵлақәа ахькаҳаз иахҟьаны ареспубликатә трассаҿы амашьынақәа рымҩа акит. АҶА аусзуҩцәа шаанӡа Гәдоуҭа, Гагра, Гәылрыԥшь, Очамчыра рымҩақәа рҿы аҵлақәа ықәыргеит.