Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхоит амҽыша

© Sputnik / Марианна Кубрава Отключение света
Отключение света  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхоит амҽыша, ԥхынҷкәын 24 рзы, абри атәы аарыцҳаит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.
Афымцалашара дырцәоит аремонттә усурақәа ахьымҩаԥгатәу аҟынтә.
Алашара ҟалом асааҭ 11:00 инаркны 13:00 рҟынӡа астанциа маҷ "Аҟәа-220" ахархәаҩцәа рҿы.
Асабша, ԥхынҷкәын 23 ауха аахыс аҳҭнықалақь ахәҭак лашарада иаанханы иҟоуп. Турбаза иахьаҵанакуа афымцамҩангага аԥхасҭа ахьаиуз иахҟьаны лашарада иҟан Арратә прокуратура иахьаҵанакуа, Воронов, Коӷониа рымҩақәеи Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәеи.
Уи адагьы, афымцамч аусзуҩцәа ауаа ргәы рҽанырҵоит аамҭа-аамҭала алашара ыцәалар шауа астанциа маҷ "НИИЭПиТ" аҿы ихыцу 16-мегаватт зымчхара ыҟоу атрансформатор ахьықәдыргыло аҟынтә.
Ажәабжьқәа зегьы
0