Аԥсны

Пицундатәи аҭыԥҳацәа ркоманда Анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҿы иаиааит

Анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысуан ԥхынҷкәын 21 раахыс. Уи иалахәын аа-командак- "Аҟәа 1", "Аҟәа 2", Гагра, Пицунда, "Гәдоуҭа", "Гәдоуҭа 1", "Агәыӡера", "Тҟәарчал".
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Пицундатәи аҭыԥҳацәа ркоманда Анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҿы иаиааит, абри атәы аанацҳауеит Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Пицундеи "Аҟәа 1" рыбжьара афиналтә хәмарра мҩаԥысит ԥхынҷкәын 23 рзы, 1:3 ҳәа пицундаа аиааира ргеит.
Ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит гагратәи акоманла.
Атурнир иреиӷьу ахәмарҩцәа ҳәа иалкаан Ариана Амҷба, Маргарита Арестова, Ольга Мамаева, Лана Сидорова.