Адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" аҳәаақәа ирҭагӡаны зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа еилаҳкаауеит. Урҭ рабацәеи рабдуцәеи знысыз амҩеи иахьа ирыԥсҭазаашьоуи атәы еиҭарҳәоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Ҳаџьараҭ Агрба 26 шықәса ихыҵуеит. Диит иара Ҭырқәтәыла, шықәсыбжак ҵуеит иани, иаҳәшьеи, иареи Аԥсныҟа иааижьҭеи. Иара иаб Ҭырқәтәыла диит, иан - Аԥсны, д-Арҷелиаԥҳауп.
Шәахәаԥш Sputnik арадиостудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.