Аԥсны

Аԥсуа спортсменцәа БРИКС ахәмаррақәа ирылахәхоит ареспублика абираҟ иаҵагыланы

Ауснагӡатә мҩаԥгахоит Урыстәыла, 2024 шықәсазы, иалахәхоит 5 нызқьҩык аспортсменцәа 50 тәыла рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аспортсменцәа БРИКС ахәмаррақәа ирылахәхоит ареспублика ахьӡала иара абираҟ иаҵагыланы.
Ари алшеит Аԥсны Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи Урыстәыла аспорт аминистр Олег Матыцини рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭрала.
БРИКС аспорттә хәмаррақәа мҩаԥгахоит Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Казан, 2024 шықәса рашәара 12 - 23 рзы. Аицлабратә программа иаҵанакуеит 25 спортхкы. Аицлабрақәа ирылахәхарц арахь иаауеит 50 тәыла рҟынтәи 5 000-ҩык атлетцәа.