Ақәыргыламҭа ҿыц "Ашықәс ҿыц ахь аныҟәара" ахәаԥшцәа идырбахоит ԥхынҷкәын 27 рзы. Уи ахәыҷқәа, ҭаацәаныла зегьы зхәаԥшыша спектакльуп. Убасгьы ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан РУСДРАМ адуцәа иднарбоит ақәыргыламҭақәа: "Зегьы рцасгьы агәырӷьара" (ажьырныҳәа 3 рзы), "Евгени Онегин" (ажьырныҳәа 4 рзы), "Ацынҵәарах" (ажьырныҳәа 5 рзы).
"Иҟоуп Ашықәс ҿыц азы Аҵаа Бабаду ахәыҷқәа данрацәажәо, ианирхәмаруа. Ҳара иҟаҳҵоит аспектакль ахәыҷқәа ааны, иахәаԥшны, иазыӡырҩны изырччо, ма ргәы дзырхьуа, изырхәыцуа, ааӡара иазку ахшыҩҵак алаҵаны. Уи ада иауӡом, уеизгьы-уеизгьы арлахҿыхра мацара акәӡам ҳазҿу, ааӡарагьы иадҳәалоуп ҳҟазара", - ҳәа азгәеиҭеит Жорданиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.