Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Жорданиа РУСДРАМ ашықәсҿыцазтәи ақәыргыламҭа ҿыц иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Жорданиа РУСДРАМ ашықәсҿыцазтәи ақәыргыламҭа ҿыц иазкны
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ ашықәсҿыцазтәи ақәыргыламҭа ҿыц аус аднаулоит. Ахәаԥшцәа ирыдыргало, изакәытә гәалаҟароу ирзыԥшу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арежиссиор - ақәыргылаҩ Џьамбул Жорданиа.
Ақәыргыламҭа ҿыц "Ашықәс ҿыц ахь аныҟәара" ахәаԥшцәа идырбахоит ԥхынҷкәын 27 рзы. Уи ахәыҷқәа, ҭаацәаныла зегьы зхәаԥшыша спектакльуп. Убасгьы ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан РУСДРАМ адуцәа иднарбоит ақәыргыламҭақәа: "Зегьы рцасгьы агәырӷьара" (ажьырныҳәа 3 рзы), "Евгени Онегин" (ажьырныҳәа 4 рзы), "Ацынҵәарах" (ажьырныҳәа 5 рзы).
"Иҟоуп Ашықәс ҿыц азы Аҵаа Бабаду ахәыҷқәа данрацәажәо, ианирхәмаруа. Ҳара иҟаҳҵоит аспектакль ахәыҷқәа ааны, иахәаԥшны, иазыӡырҩны изырччо, ма ргәы дзырхьуа, изырхәыцуа, ааӡара иазку ахшыҩҵак алаҵаны. Уи ада иауӡом, уеизгьы-уеизгьы арлахҿыхра мацара акәӡам ҳазҿу, ааӡарагьы иадҳәалоуп ҳҟазара", - ҳәа азгәеиҭеит Жорданиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0