Урыстәыла

Путин Урыстәыла ан лмал аҭара аԥҟарақәа еиҭеикит

Уаанӡа азакәан аҿы иарбамызт ахәыҷы Урыстәыла иахьаҵанакуа иирала атәылауаҩра имазароуп ҳәа, насгьы иарбамызт убри аамҭазы иҭаацәагьы Урыстәыла иатәылауаазароуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин азакәан инапы аҵеиҩит.
Уи инақәыршәаны, ан лмал рзыршәалоит Урыстәыла атәылауаа, ахәыҷы даниуаз аамҭазы Урыстәыла иатәылауааз, ахәыҷы иира ашьаҭала Урыстәыла датәылауаҩызар.
Адокумент кьыԥхьуп азинтә актқәа рофициалтә саит аҿы.
Азакәан инақәыршәаны ахәыҷы атәылауаҩра иоуеит иани иаби урыстәылауаазар, урҭ руаӡәк дурыстәылауаҩызар, егьи – атәылауаҩра имамзар ма руаӡәы – дурыстәылауаҩызар, егьи дҳәаанырцәуаҩызар (ахәыҷы Урыстәыла дизар, аҳәаанырцәтәылауаҩра имамзар).
Азакәан аҿы иарбоуп ДЖәР, ЛЖәР, Херсони Запорожиеи аобластқәа рҿы инхо ан лмал роур шалшо атәылауаҩра ашьаҭеи аҿҳәареи ирыхьмырԥшыкәа. Азакәан аусура иалагоит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.
Ан лмал апрограмма Урыстәыла аус ауеит 2007 шықәса раахыс. 2024 шықәсазы аԥарашәара иартәеит 631 нызқьмааҭ актәи ахәыҷы изы, 834 нызқьмааҭ аҩбатәи ахәыҷы изы.